2021-12-09
Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, иҧҳәыси ихылҵи иманы, алегендартә акәашаҩи ахореографи Фридон Сулабериӡе 80 шықәсатәи ииубилеи инамаданы имҩаҧгаз аконцерт аҿы дыҟан.
Иракли Ҕарибашвили Фридон Сулабериӡе ақырҭуа хореографиа аҿиараҿы иҟаиҵаз алагала ду азыҳәан ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, Фридон Сулабериӡе иҧсҭазаара зегьы ақырҭуа культуратә традициақәа реиҭашьақәыргылареи рӡыргареи иазикит.
Аҧыза-министр ицны Фридон Сулабериӡе ииубилеитә концерт аҿы иҟан Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, авице-аҧыза, Қырҭтәыла акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистр Ҭеа Ҵулукиании, ларгьы лыҧшәма длыцын.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура