Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили, адунеи алидерцәа дрыцны, Иаарту анапхгараҭара апартниорра аглобалтә саммит ихы алаирхәит Print Version

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, адунеи алидерцәа рыгәҭа, Иаарту анапхгараҭара апартниорра (Open Government Partnership - OGP) аглобалтә саммит ихы алаирхәит. Аиҧылараҿы иқәгылеит OGP Анаҧхгаратә комитет алахәылацәеи егьырҭ алидерцәеи, урҭ рыбжьара, Америка ахада Джо Баидени, Канада аҧыза-министр Джастин Триудои, Франциа ахада Еммануел Макрони, Аладатәи Кореиа ахада Мун Чже Ини, иара убас, Естониеи, Украинеи, Мароккои, Еквадори рлидерцәеи.

Иқәгылара аан, Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы, иаҵшьны иазгәеиҭеит иаарту анапхгараҭареи адемократиеи аганахьала аҵыхәтәантәи жәашықәса рыла атәылаҿы иҟоу аихьӡарақәа, иара даҽазнык иазгәеиҭеит Қырҭтәыла апартниорра апринципқәа ишрызгәыку. Иара убас, иара иаҵшьны иазгәеиҭеит ҳәынҭқарратә сервисқәеи аинновациатә платформақәеи рҿиареи, аҳәынҭқарра аусура аартызаареи, акоррупциа аҿагылареи, иаарту анапхгараҭара ашьақәырҕәҕәареи аганахьала аҵыхәтәантәи аамҭазы атәылаҿы иҟоу ақәҿиарақәа.

„Сынтәатәи асаммит ҧасатәи асаммитқәа иреиҧшым, избанзар, уи, бжеиҳарала, авиртуалтә режим аҿы имҩаҧысуеит, уигьы иҳгәаланаршәоит адунеи зегьы акризис ишҭагыло, убри аҟынтә, иаарту анапхгараҭара апартниорра ауаажәларрахь ааҧхьара ҟаҳҵоит адемократиақәа рҿаҧхьа иқәгылоу ареалтә проблемақәа иазхарҵарц; рымчқәа еидыркыларц, иаарту анапхгараҭара азҵаарақәа жәларбжьаратәи аусхәаҧштә аҿы аҧыжәара ранаршьарц.

Сынтәа ҳара иаарту анапхгараҭара апартниорра жәашықәсатәи аиубилеи иазгәаҳҭоит. Зыӡбахәы ҳәоу апартниорра аҧҵан иаарту анапхгараҭара апринципқәа рыхьчаразы. Қырҭтәыла Иаарту анапхгараҭара апартниорра зегьы раҧхьа иалалаз атәылақәа иреиуп, ҳара уи ҳгәы аздууп. Убри ашьҭахь, ҳара, иарту анапхгараҭара апартниорра 4 планк наҳагӡеит, крызҵазкәа ақәҿиарақәа ҳауит, урҭ иреиуп:
•аҳәынҭқарратә аахәарақәа раартызаара ахаҭабзиара аиҕьтәра;
•аҳәынҭқарратә маҵзурала аиқәыршәара апроцесс аҿы аиновациақәа рыдгылара;
•аҳәынҭқарратә маҵзура аконцепциа ареформа;
•акоррупциа аҿагылараан арадикалтә шьаҿақәа рыҟаҵара;
•аҳәынҭқарратә биуџьет амониторинг аиновациатә практика аларҵәара;
•иарту анапхгараҭара апартниорра апроцесс аҿы аиҳабыратә структурақәа зегьы рылахәызаара.
Ақәҿиарақәа инрываргыланы, анагӡара апроцесс аҿы аҧхықәрақәагьы ҳамоуп. Ҳаҧхьаҟа, Қырҭтәыла, Иаарту анапхгараҭара апартниорра аплан ҿыц еиқәҳаршәароуп. Агәра ганы сыҟоуп абри аплан аҿы еиуеиҧшым астратегиатә хырхарҭақәеи ҳуаажәлар уажәазы ирымоу аҭахрақәеи шаарҧшызаауа", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы данықәгылоз, атәылақәа зегьы рҿы Иаарту анапхгараҭара шьаҭас иамоу аҧыжәарақәа дрылацәажәеит.

„Апартниорра ашьаҭаркра инаркны жәашықәса анҵы, иаразнактәи алҵшәақәа рҟынтәи ҳуааҧсыра рыҧсҭазаашьа еиҕьазтәша алҵшәақәа рышҟа аиасра иаамҭоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Иаарту анапхгараҭара аиқәыршәара мариам. Убри аҟынтә, абри ахырхарҭала ҳҽазышәарақәа еидаҳкылароуп. Иаарту абиуџьет инаваргыланы, ҳуааҧсыра рыҧсҭазаашьа еиҕьазтәша егьырҭ ахырхарҭақәагьы хшыҩзышьҭра ҷыда рзутәуп. Адемократиа азнеишьа ҧсахтәуп: апандемиа ибзианы иҳнарбеит шықәсқәак раҧхьа аартызаареи аҳасабырбареи мацара ирыдҳәалаз азҵаарақәа иахьа ауаа рыҧсҭазаара аиқәырхара ишадҳәалоу, иахьа абри ақәҧаразы иаҳа иҭышәынтәалоу адемократиа аҭахуп. Имҩаҧгоу аусура азгәаҭара адагьы, ҳара, ҳҽеидкыланы, ҳаҧхьаҟа иаҳзыҧшу ҳазхәыцроуп, аамҭа ҿыц аан аиҳабырақәа иҟарҵаша ҳазхәыцроуп. Иаҳа еиҕьу адемократиа аҧҵара азҵаара Апартниорра иалахәы аҳәынҭқаррақәа роуп изхьыҧшу", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аглобалтә саммит ҧхынҷкәын 15-17 рзы, агибридтә формат аҿы имҩаҧысуеит. Иаарту анапхгарааҭара апартниорра ашьаҭаркра ажәабатәи ашықәс азы асаммит мҩаҧысуеит Аладатәи Кореиа аҳҭнықалақт Сеул. Иаарту анапахгараҭара апартниорра асаммит уажәтәи априоритетқәа иреиуп атәылауаҩратә қәыҧшылареи ажәлар рылахәызаареи аизырҳареи, акоррупциа аҿагылареи, аинклиузивтә арыцхә иновациақәа рыдгылареи. Асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуеит атәылауаҩратә зҵаарақәеи, акоррупциа иаҿагылоу ақәҧареи, арыцхәтә иновациақәеи ирызку атематикатә аиҧыларақәа, иара убас, иазҧхьагәаҭоуп арегионалтә сессиақәеи аишәа гежь аформат аҿы аиҧыларақәеи.

Иаарту анапхгараҭара апартниорра жәларбжьаратәи аинициатива иалахәып 78 ҳәынҭқарра. 2018 шықәсазы Қарҭ имҩаҧган OGP ахәбатәи аглобалтә саммит. Қырҭтәыла ари ауснагӡатә мҩаҧнагеит аиҿкаара ахантәаҩы тәыла ҳасабала. 2019 шықәсазы, аиҿкаара иалахәы аҳәынҭқаррақәа, Қырҭтәыла, хышықәса аҿҳәара аҭаны, OGP анапхгаратә комитет алахәылас еиҭалырхит.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура