Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2021 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциа иалахәыз адипломатцәа рҿаҧхьа дықәгылеит Print Version

2021-12-22

Апандемиа аан шәара авакцинақәеи амедицинатә аибыҭареи аҧшаареи атәылашҟа аагареи ахырхарҭала аусура шәықәшәеит, адунеи еиуеиҧшым аҭыҧқәа рҿы иҟаз ҳтәылауаа рзы аҷыда реисқәа еиҿышәкаауан, ҳтәылеи ҳтәылауааи ирыдҳәалаз азҵаарақәа зегьы шәырхылаҧшуан, шәара шәыдгылареи шәылахәызаареи аҵакы ду аман, зны-зынла ҳтәылеи ҳтәылауааи ҳбизнеси рзы ахадаратә ҵакы аман; абри иуадаҩӡаз аҭагылазаашьаҿы апрофессионализм дуи адгылареи аашәырҧшит, қәҿиара аусеицура аганахьала жәларбжьаратәи ауаажәларра зегьы аҿырҧштәы бзиа дшәырбеит, убри азыҳәан хаҭала сареи ҳаиҳабыреи ҳахьӡала даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп, - абарҭ ажәақәа рыла Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аҳәаанырцә аус зуа Қырҭтәыла адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа ацҳаражәҳәаҩцәа рконференциаҿы иқәгылара далагеит, ауснагӡатә мҩаҧган онлаин арежим аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ақырҭуа ацҳаражәҳәаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит инарыгӡаз аусуреи адәныҟатәи аполитикатә ганахьала Қырҭтәыла ақәҿиарақәа рҿы иҟарҵаз алагалеи азыҳәан.

„Иахьатәи амш ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Ҳаҭыр зәқу аминистр Давиҭ Залкалиании аминистрра аусзуҩцәеи, ҳтәыла арҕәҕәара аус иалахәы ауааҧсыреи ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Иахьатәи авиртуалтә аиҧылара алагьы иубарҭоуп иахьа аглобалтә пандемиа амшала шьаҭанкыла зҽызыҧсахыз адунеи аҿы ҳшынхо. Абри аҭагылазаашьа иазҧхьагәаҳҭоит, ишиашо аиҧылара амҩаҧгара ахьҳалымшо ҳгәы иалоуп. Ҳәарада, шәара шәхы шәамеигӡакәа аус жәуеит, ҳпартниорцәа рыцхыраареи шәылахәызаареи иахьа зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп. Абри аҩыза алахәызаареи азеиҧш ҽазышәареи мацаралоуп апандемиа аҵыхәанӡа аҵархареи анормалтә ҧсҭазаара азыхынҳәреи шҳалшо. Апандемиа ибзианы иҳнарбеит аглобалтә жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҿы ашәарҭадареи, аекономикеи, агәабзиарахьчареи аганахьала аҳасабтәқәа шырацәоу. Агәра ганы сыҟоуп ҳазну амҩеи ҳхадаратә принципқәеи рызгәыкрала, ҳҩызцәеи ҳпартниорцәеи рыцхыраарала, ауадаҩрақәа зегьы қәҿиарала ҳшырхысуа, ҳтәылеи ҳажаләлари мышхәыбзазара шырзааҳго.

Сынтәатәи ашықәс иазкны жәақәак сҳәар сҭахуп. Ари ашықәс акырӡа иуадаҩын, аха, аҳасабтәқәеи апроблемақәа шырацәазгьы, ақәҿиарақәагьы ҳаман ҳәа сгәы иаанагоит, абри зегьы хыркәшан иҿырҧшыгаз алхрақәа рымҩаҧгарала.

Жьҭаара 2 рзы имҩаҧгаз алхрақәа раан даҽазнык ишьақәырҕәҕәан ҳтәыла адемократиатә реформақәеи, Европеи, НАТОи рахь зхы рхоу амҩа ишану, уи аҵакы ду амоуп. Ҳуааҧсыра даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит аилаҩынтәра аӡәгьы ишиҭахым. Сгәы ишаанаго ала, ҳара хықәкыс иҳамазароуп атәылаҿы кыраамҭалатәи аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылареи аҿиареи, ҳара ҳазынтәгьы, ҳаидгыланы, ҳамчқәа зегьы аҿиара иазаҳкроуп, ҳуааҧсыра мышхәыбзазара рзааҳгароуп, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, ҳтәыла аидҵара ҳалшароуп.

Иахьа ҳара адемократиатә реформақәа рымҩаҧгара апроцесс иаҳа иҳарҭбаароуп, жәларбжьаратәи ақәыҧшылараҿы ҳтәыла иаҳа еиҕьны ааҳарҧшыроуп, арегион аҿы адемократиатә аҿиара аганахьала аҧхьагылара шҳамоу идҳарбароуп", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аинтеграциа аганахьала зҵакы дуӡӡоу хҭысуп Мрагыларатә партниорра 6-тәи асаммит, уаҟа амбициатә ҟазшьа змоу аусхәаҧштә ҿыц еиқәыршәан, аамҭакьаҿлатәи ахықәкқәа ҳәаақәҵан, Евроеидгыла ахаҭарнакцәа дара инарыгӡараны иҟоу арегионалтә инвестициатә план ҿыц цәырыргеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыреи, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, ақырҭуа жәлари, НАТО алалара ауп ирҭаху.

Аҧыза-министр ампыҵахалара апроблемагьы дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, иара игәазыҳәара хада, ихықәкы хада атәыла аидҵареи адеокупациеи ауп.

Иара убас, Иракли Ҕарибашвили, арегион аҿы аҭыгылазаашьеи "Аҭынчратә аигәылара" аинициативеи далацәажәеит. Иара иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла амедиатортә роль. Аиҳабыра рнапхгаҩы асоциал-економикатә политикеи, онлаин казиноқәа русура аҧкреи, ахәшәқәа рыхәқәеи иазку иинициативақәа дырзааҭгылеит.

„Сара сыдҵала, асоциал-економикатә политика ҿыц аус адулара иалагахьеит, хара имгакәа ауааҧсыра зегьы ирбоит алҵшәа бзиа зхылҵуа аконкреттә шьаҿақәа шыҟаҳҵо. Иара убас, аусуратә ҭыҧқәа раҧҵареи, асоциалтә политика аҧсахреи иадҳәалоу крызҵазкәа апланқәа ҳамоуп. Уажәтәи аполитика ауаа ҭанархоит, уи катастрофоуп, избанзар, абиҧарақәа ҳцәыӡуеит, ауаа аусурҭадара иҳаршьцылеит, ҳуааҧсыра ииашам, ихәарҭам абри аполитика атҟәацәас иҟалеит, абри аҭагылазаашьа ҧсахтәуп. Сара аргама ари азҵаара алацәажәара салагахьеит. Абри ауп изызку онлаин казиноқәа русура аҧкра. Ҳпарламент, ҳдепутатцәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп, избанзар, ахҧатәи аҧхьарала, ирласны ари азакәан рыдыркылеит. Онлаин-казиноқәа ирылахәыз ауааҧсыра даҽа уск ашҟа ииаҳгароуп. Информациак ҳасабала ишәасҳәар сҭахуп - аҕарра иҭагылоу, асоциалтә цхыраара зауа, аусурҭа змамыз ауааҧсыра 1,5 миллиард аказиноқәа рҿы инырхит. Уажәтәи асистема ашәара рыланаҵан, аус рызуамызт, избанзар, аусура иалагазҭгьы асоциалтә цхыраара рзааныркылон, ҧырхагара ду злоу абри асистема иалахәын онлаин-казиноқәеи, еиуеиҧшым алашыҩкратә хәмаррақәеи, анаркоманиеи, уб.егь..

Ахадаратә ҵакы змоу аҳасабтәқәа иреиуп ахәшәқәа рыхәқәа армаҷра, ари азҵааразы активла аусура ҳаҿуп, хара имгакәа, 1-2 мза рыҩнуҵҟала, аконкреттә алҵшәа ҳауеит, анеҩс, ари ахырхарҭала аусура наҳагӡоит. Ҳара жәашықәсатәи апланқәа еиқәҳаршәахьеит, аусбарҭа цыҧхьаӡа аконкреттә план амоуп. Аусбарҭа цыҧхьаӡа хырҳагара зхылҵша аусура мҩаҧнагоит. Ҳара фымз рыҩнуҵҟала аусбарҭа цыҧхьаӡа азы иҳармазеит аконкреттә хәаҧшырақәа ахьаарҧшу асектортә аҿиара кыраамҭатәи апланқәа. 2030 шықәсазы, уаанӡагьы, ауааҧсыра есышықәса апрогресс дҳарбароуп, ҳтәыла аекономика ҩынтә иазҳаратәы иҟаҳҵароуп, Насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, ҧасатәи аиҳабыра ирзыҟамҵаз, амотивациа ду ҳазҭо, ҳхықәкы хада - аҕарреи аусурҭадареи аҧыхра, ҳара хымҧада уи ҳалшароуп, иаҳа ирацәаны аусуратә ҭыҧқәа аҧаҳҵароуп, ҳуааҧсыра иаҳа хырҳагара рзааҳгароуп, ҳәарада, абри зегьы анагӡаразы атәылаҿы кыраамҭала аҭышәынтәалареи аҭынчреи иҟазароуп, сара ажәа шәысҭоит ҳаиҳабыра ахьынӡаҟо атәылаҿы абри аҩыза аҭагылазаашьақәа шеиқәыршәазаауа", - иҳәеит аҧыза-министр.

Ари аганахьала Иракли Ҕарибашвили иаҵшьны иазгәеиҭеит адунеи иреиҕьу аилахәырақәа иреиу "Rothschild" аҟны аусеицура аҵакы, зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра хықәкыс иамазаауеит Қырҭтәыла аиҭакреи арегионалтә финанстә центр ҳасабала аӡыргареи.

„Абри ахырхарҭала аинтерес зҵоу шьаҿак ҟаҳҵеит, ишыжәдыруа ала, адунеи иреиҕьу аилахәырақәа иреиу "Rothschild" кьырала иааҳгеит. Уи адунеи аҿы аҩбатәи, Европа актәи аҭыҧ аанызкыло гәыҧуп, дара, Мрагыларатә Лиуқскембург ишыҟарҵаз еиҧшҵәҟьа, етапла Қырҭтәылагьы афинанстә центр ҳасабала азыргара рҽазыркуеит. Luxembourg of the East - дара иҳадаргалаз аидеиа ауп. Дара Қырҭтәылаҟа ишиашо атәым инвестициақәеи афинанстә ресурсқәеи рыдаҧхьалара ахырхарҭалагьы аус руеит", - иҳәеит аҧыза министр.

Иара убас, аиҳабыра рнапхгаҩы адиаспора аҟны аизыҟазаашьақәеи адиаспора адгылара аҵаки далацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, абри ахырхарҭала иакымкәа аинтерес зҵоу аинициативақәа аус рыдулара иаҿуп.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура