Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2021 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада 76-тәи асессиа ихы алаирхәит

2021-09-27

Цәыббра 21 рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр, адунеи егьырҭ алидерцәа рыгәҭа, ЕАР Ассамблеиа Хада 76-тәи асессиа аартра ацеремониа ихы алаирхәит.

Адебатқәа рылахәылацәа рҿаҧхьа иқәгылеит ЕАР Амаӡанықәҟаҩ Хадеи, Ассамблеиа Хада ахадеи, Америка ахада Џьозеф Баидени, Бразилиа ахадеи, егьырҭ алидерцәеи.

Зыҩаӡара ҳараку амчыбжь аадыртаанӡа, ЕАР Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихьӡала, асессиа иалахәы аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа рзы имҩаҧган аофициалтә адкылара, уи аҿы дыҟан Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Америка ивизит аан, ЕАР Ассамблеиа хада 76-тәи асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аҧыза-министр зыҩаӡара ҳараку ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигеит. Иракли Ҕарибашвили Австриатәи ареспублика аканцлер Себастиан Курци, Латвиатәи ареспублика ахада Егилс Левитси, Ҭырқәтәылатәи ареспублика ахада Реџьеп Таип Ердоҕани, Бырзентәыла аҧыза-министр Кириакос Мицотакиси, Қувеиттәи аҳәынҭқарра аҧыза-министр, ашеих Сабаҳ Халид Аль-Ҳамид Аль Сабаҳи дырҧылеит. Аҧыза-министр Афганистан атемазы Австриа аканцлер еиҿикааз зыҩаӡара ҳараку адиалог ихы алаирхәит, уаҟа иаҵшьны иазгәаҭан Афганистанынтә аевакуациа апроцесс аҿы Қырҭтәыла инанагӡаз ароль.

Ниу-Иорк, ЕАР Ассамблеиа Хада аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Молдова ахада Маиа Санду длыцны, Польша ахада Анџьеи Дуда еиҿикааз ауснагӡатә ихы алаирхәит. Ауснагӡатә мҩаҧган аустә шьыбжьхьа аформат аҿы. Аиҧылара аан аганқәа рхаҭарнакцәа Ассоциациатә трио аформати Европатәи Ахеилак аҿы крызҵазкәа атәыла аҳасабала Польша адгылареи аҵакы иалацәажәеит.

Ассамблеиа хада аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиҳабыра рнапхгаҩы ЕАР Амаӡаныҟәгаҩ Хада Антонио Гутиереш диҧылан, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа далацәажәеит. Аиҧылара ашьҭахь, аҧыза-министр ЕАР ҳамҭас аиҭеит ,,Абжьас-цәа зшәу'' амузеитә екземплиар. Ауникалтә напҩыра „Абжьас-цәа зшәу" Ниу-Иорк, ЕАР арт-коллекциаҿы ишьҭарҵеит. Зыӡбахәы ҳәоу аекземплиар ахҟьа иҭаҧыҟҟаны иҟаиҵеит Франциа инхо еицырдыруа ақырҭуа скульптор Гуџьи Амашукели.

Иракли Ҕарибашвили Америка ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гарвард иҟоу Ниу-Иорктәи аклуб аҿы, цәыббра 22 рзы имҩаҧысит қарҭвелологиа апрограмма аинаугурациа агәырҕьаратә церемониа. Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвиил иҧшьгарала, Қырҭтәыла аиҳабыра рфинанстә цхыраарала, Америка аҭоурых аҿы раҧхьаӡа акәны, 2022 шықәса инаркны Гарвардтәи ауниверситет Девис ицентр аҿы қарҭвелологиа апрограмма иалагоит.

Апрограмма астудентцәа рабиҧара ҿыц рааӡара иацхраауеит, дара Америка мацара акәымкәа, адунеи зехьынџьара аҵарадырратәи аинтеллектуалтәи гәыҧқәа рыгәҭа Қырҭтәыла иазку аҭҵаарақәа рымҩаҧгареи адырра аларҵәареи адгылаҩцәас иҟалоит.

Гарвардтәи ауниверситет Девис ицентр аҿы қарҭвелологиа апрограмма анагӡара иалагоит 2022 шықәса жәабран инаркны. Апрограмма анапхгара азиуеит америкатә аҵарауаҩ, қарҭвелолог, апрофессор Стивен Джонс, иара 40 шықәса еиҳаны қарҭвелологиа аусхкы аҿы аус иуеит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр ЕАР Ассамблеиа хада 76-тәи асессиаҿы дықәгылеит цәыббра 24 рзы. Аиҳабыра рнапхгаҩы жәларбжьfратәи аиҩызареи Қырҭтәылеи рҿаҧхьа иқәгылоу аҳасабтәқәа дрылацәажәеит.

Аҧыза-министр Америка ахада Џьо Баиден аглобалтә усеицура арҕәҕәара иазкны уажәааны иҟаиҵаз ааҧхьара дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла абри апозициа иақәшаҳаҭуп, уи еиҳангьы, егьырҭ рыцхрааразы еснагь ихиоуп.

Абри аконтекст аҿы, Иракли Ҕарибашвили, Афганистанынтә аевакуациа апроцесс аҿы Қырҭтәыла алахәызаареи, иара убас, арегион аҿы амедиациа абзоурала Азербаиџьани Шәамахьтәылеи реиқәшаҳаҭхареи далацәажәеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы, арегион аҿы аҭышәынтәалара ацхрааразы, Аахыҵ Кавказ аҿы аҭынчратә формат ҿыц аҧҵара аинициативала дықәгылеит.

„Ҳара Қарҭ жәларбжьаратәи аиҧылара амҩаҧгара ҳазыхиоуп, уаҟа аигәыларатә аҭынчратә инициатива аперспективақәа ҳрылацәажәар ҳалшоит, ари апроцесс рхы аладырхәоит Аахыҵ Кавказтәи ҳгәылацәа, ҳашьцәеи жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Қырҭтәыла имыпҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы агуманитартә ҭагылазаашьа цәгьа дазааҭгылан, жәларбжьаратәи аиҩызара рахь ааҧхьаара ҟаиҵеит Урыстәыла ала Қырҭтәыла ихьыҧшым аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалара аҵыхәа ҧырҵәарц. Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла хықәкык ауп иамоу - европатәи евроатлантикатәи интеграциа.

Аҧыза-министр иааигәахо алхрақәагьы дрылацәажәан, ишиҳәаз ала 2012 шықәса инаркны, Қырҭтәыла 6-нтә адемократиатә алхрақәа мҩаҧаагеит, урҭ рызынтәгьы жәларбжьаратәи анаҧшцәа рыла иазхаҵан зхы иақәиҭыз ииашаз алхрақәа рҳасабала.

„Мышқәак рышьҭахь, атәылаҿы имҩаҧаагоит зхы иақәиҭу, ииашоу, адемократиатә амуниципалтә алхрақәа. Абра, Иеиду амилаҭқәа Реиҿкаараҿы аҵыхәтәантәи ҳаиҧылара ашьҭахь, адунеи зехьынџьара адемократиатә зинқәа рзы ақәыҕәҕәареи ажәылареи афактқәа рацәахеит.

Ирационалтәым амч цәгьақәа аусура иалагеит ҳәа сҳәар сылшоит, лассы-лассы адәныҟатәи адиверсантцәагьы рыцхраауеит. Дара хыҵхырҭас ирымоу зегьы дара роуп - ҳара адемократиатә амҩа ҳанызароуп. Лассы-лассы алхрақәа ацәанырра дуқәеи ақәҧареи ҭыҧны иҟалоит; ацәаныррақәа ацлоит. Аха, алхрақәа зхы иақәиҭу ииашоу аҭагылазаашьаҿы имҩаҧысуазар, аиааирагаҩцәа агәыҳалалра аадырҧшыроуп, иаҵахаз - ажәлар ргәазыҳәара иақәшаҳаҭхароуп. Алхрақәа рҵакы ҳзеилымкаауазар, адемократиа ашәарҭара иҭагылоит. Убри аҟынтә, иахьа абра еизаз, адемократиеи, ҧхьаҟацареи, зхы иақәиҭу ииашоу алхрақәа рыдгылаҩцәа шәахь ааҧхьара ҟасҵоит шәполитикатә система гәыкала шәхы алашәырхәырц. Ацәаныррақәа анеиқәтәалак, аиааирагаҩы данаадырҧшлак, ажәлар иҟарҵаз алхра ҳаҭыр ақәаҳҵароуп, ҳҳәатәеиқәымшәара ҳхаршҭны, ҳтәыла ҧхьаҟа ицаратәы иҟаҳҵап", - иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.

Аҧыза-министр анапхгара ззиуа Қырҭтәыла аделегациа иалан авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании, аҵареи аҵарадырреи рзы аминистр Михаил Чхенкелии, аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы Илиа Дарчиашвилии