Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2023 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган Print Version

2023-12-25

  ..

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 21 зҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аилатәара алахәылацәа „Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара 2024-2026 шықәсқәа рзтәи амилаҭтә уснагӡатәқәа рплан ашьақәырҕәҕәара иазку" Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроект иахәаҧшит. Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рыдгыларала адокумент аус адулара апроцесс иахылаҧшуан Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа. Ауснагӡатәқәа рпланаҿ акрызҵазкәа аҭыҧ ааннакылоит аинституциатә демократиа арҕәҕәара; атәылауаҩратәи, аполиткиатәи, асоциалтәи, акультуратәи, аекономикатәи зинқәа еиҟараны рхархәара аиқәыршәара; азинеиҟарара аполитика арҕәҕәареи ампыҵахалара амшала азарал зауз атәылауаа реиҷаҳареи. Зыӡбахәы ҳәоу адокумент адкыларала, Қырҭтәыла аиҳабыра даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит ауаҩытәыҩса ихадаратә зинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара аҧхықәра ишазгәыку, уи ала иазҧхьагәаҭоуп ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара асистематә акыраамҭалатәи политика еишьҭаргыланы, еиҧҟьарада амҩаҧгара.

Иара убас, аиҳабыра алахәылацәа изхәаҧшыз азакәанпроект инақәыршәаны, аусбарҭақәа зегьы ацхыраагӡатә арепродуктивтә технологиақәа рыла ауаа рымаҵ ауреи, иара убас, арепродукциатә усура иадҳәалоу аинформациа иаку амилаҭтә реестр аҿы арбареи ируалуп. Аҧсахрақәа хықәкыс ирымоуп ахархәара змоу ахацыркырақәеи, ахацқәеи, алашәақәеи, урҭ ирызку аинформациеи ирыдҳәалоу аматериалқәеи рыҭҵаара аиқәыршәара. Иахьазы ацхыраагӡатә репродукциатә технологиақәа рыла амаҵзура мҩаҧысуеит 19 усбарҭак рҿы. Арҭ аҧсахрақәа амч роуеит 2024 шықәса ажьырныҳәа инаркны. Арепродукциа иадҳәалоу аусура иаку амилаҭтә реестр аус арура Евроеидгылаҟны Ассоциаициа иазку аиқәшаҳаҭра аҳәарақәа иреиуп.

Иара убас, аилатәараҿы иазааҭгылеит аҧшатә афымцатә 2 станциаки амратә афымцатә станциаки рырҿиареи рыдгылареи апроект. Аҧшатә афымцатә станциақәа апроектқәа руакы Имереҭи арегионаҿ имҩаҧысуеит, уи 103,5 мегаватт амҽхак амазаауеит, 362 миллион квт/сааҭ афымца ааглыхра алшоит. Апроект иалаҵатәуп 130 миллион адоллар аинвестициа. Егьи аҧшатә афымцатә станциа дыргылараны иҟоуп Шида Қарҭли арегионаҿ, Қарели амуниципалитетаҿ, уи 43,4 мегаватт амҽхак амазаауеит, 148 миллион квт/сааҭ афымца ааглыхра алшоит, ари апроект иаларҵоит 25,25 миллион адоллар аинвестициа. Убри адагьы, Имереҭи арегион иаларҵоит 4,797 миллион адоллар аинвестициа, Ҭерџьола амуниципалитетаҿ 7,8 мегаватт амҽхак зауа амратә афымцатә станциа дыргылоит, заанаҵтәи азҧхьагәаҭарақәа рыла, ари астанциа 10,295 миллион квт/сааҭ афымца ааглыхра алшоит. Уажәазы апроектқәа рыхҧагьы ртехника-економикатә аҭҵаареи азакәанла иазҧхьагәаҭоу апроцедурақәеи мҩаҧысуеит.

Иара убас, иахьатәи аиҧылараҿы иахәаҧшны, иадгылеит „Административтә азинеилагарақәа рзакәанеидкылеи" „Абџьар иазку" Қырҭтәыла азакәани ирылагалатәу аҧсахрақәа рпроект, уи хықәкыс иамоуп абракониерцәа ирҿагылоу ақәҧара иахылҵуа алҵшәақәа реизырҳара. Зыӡбахәы ҳәоу апроектқәа аҧсыӡкратә маҭәахәқәа ррегулиациеи ишьақәыргылоу апҟарақәа реилагаразы иашьашәалоу аҭакҧхықәреи ҳәаақәырҵоит. Абракониерцәа ирҿагылоу ақәҧареи азинеилагаразы иашьашәалоу азинтә ҭакҧхықәреи асистема аиқәыршәара атәылаҿ абиохкырацәара аиқәырхареи ахьчареи иазку аҳәынҭқарратә политика иаҵанакуеит.

Убри адагьы, аиҧылараҿы иазааҭгылеит „Гуриа амилаҭтә парк аҧҵареи ахылаҧшреи иазку" Қырҭтәыла азакәан апроект, уи инақәыршәаны, Гуриа арегионаҿ, Чохатаурии Озургеҭии амуниципалитетқәа рҵакырадгьылаҿ аҧҵахоит аҳәырҧсарра ҿыц - Гуриа амилаҭтә парк, уи 15 310 гектар аҵакыра амазаауеит. Ауникалтә аҧсабаратә баҟақәа рыхьчареи, абиохкырацәара аиқәырхареи, аамҭакала, екотуризм иҭышәынтәалоу аҿиареи аиқәыршәара амзызла, аиҳабыра, аҳәырҧсаррақәа рырҭбаара ахырхарҭала активла аус руеит.

Иара убас, Қырҭтәыла аҧыза-министр иӡбарала, административтә органқәа рҿы аус зуа ауааҧсыра аҧсшьарамшқәа рымазаауеит 2024 шықәса ажьырныҳәа 3 инаркны ажьырныҳәа 5 налаҧхьаӡаны. Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иашьашәалоу адҵа инапы аҵаиҩхьеит.

Административтә орган иара ахала иҳаақәнаҵоит зыӡбахәы ҳәоу аорган асистема иалахәы амаҵзурақәа/амаҵзуҩцәа рҟынтәи абри адҵа здызкьымсло, дара инарыгӡо аусура аҳәынҭқарратә напхгараҭареи ауаажәларра анормалтә ауранагӡареи азы ихымҧадазар.

Ари адҵа амч аиуам „Аҳәынҭқарратә аахәарақәа ирызку" Қырҭтәыла азакәан ала иазҧхьагәаҭоу аҳәынҭқарратә аахәарақәа ирыдҳәалоу аусуразы.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура