Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2024 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Иракли Кобахиӡе Никол Ҧашиниан диҧылеит Print Version

2024-03-25

  ..

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр Никол Ҧашиниан диҧылеит.

Ишиашо аформатаҿ имҩаҧгаз аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылатәи ареспубликеи рыбжьара аиҩызаратәи аигәыларатәи еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит.

Ишазгәаҭаз ала, атәылақәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла активла аус еицыруеит, ари аганахьала ҷыдала иалкаан ахәаахәҭреи, атранспорти, атуризми аусхкқәа.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Никол Ҧашиниан ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы, иара убас, даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла Шәамахьтәылатәи ареспублика аҵакырадгьылтә акзаара ишадгыло.

Аганқәа рхаҭарнакцәа арегионаҿ имҩаҧысуа апроцессқәагьы ирылацәажәеит.

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла Аахыҵ Кавказаҿ ҭынч аицынхара иазыразуп, наҟ-наҟгьы арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара ацхраара иазыхиоуп.
Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырәҳаз ала, ҩ-тәылак рстратегиатә партниорра еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура иаҳа арҭбаара иацхраап ҳәа игәыҕуеит, уи аҩ-тәылак хырҳагара рзаанагоит.

Ишиашо аформатаҿ имҩаҧгаз аиҧылара ашьҭахь, аиҿцәажәарақәа нагӡан ирҭбаау аформатаҿ, уи рхы аладырхәит ҩ-тәылак реиҳабырақәа рылахәылацәа.

Иракли Кобахиӡе Никол Ҧашиниан Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура