Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2024 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтәыла аҧыза-министр Шәамахьтәылатәи ареспублика ахада диҧылеит Print Version

2024-03-25

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Шәамахьтәылатәи ареспублика ахада Ваагн Хачатриан диҧылеит.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы ҩ-тәылак рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи акыршықәсатәи аигәыларатә еизыҟазаашьақәеи.

Ишазгәаҭаз ала, астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи рырҭбаареи иацхраауеит.

Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аимадарақәа иаҳа рырҭбааразы иҟоу апотенциали уи инагӡаны ахархәара аҵаки.

Аганқәа рхаҭарнакцәа арегиолнаҿ имҩаҧысуа апроцессқәагьы ирзааҭгылеит.

Аҧыза-министр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ҕәҕәала ишадгыло.

Ирҭбаау аформатаҿ имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит ҩ-тәылак реиҳабырақәа рылахәылацәа.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура