Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2024 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Қырҭтылеи Шәамахьтәылатәи ареспубликеи рҧыза-министрцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭақәа Print Version

2024-03-25

Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр Никол Ҧашиниан:

Қырҭтәыла аҧыза-министр ҿыци иара анапхгара ззиуа аделегациеи раҧхьаӡа акәны Шәамахьтәылатәи ареспубликаҿы гәахәарыла иҳадаҳкылоит.

Ҳаҭыр зқәу Иракли даҽазнык, хаҭала идысныҳәалар сҭахуп аҧыза-министр иҭыҧ аанкылара. Агәра ганы сыҟоуп ҳаҭыр зқәу Иракли, иара изы иҟазшьарбагоу исериозу азнеишьала, Шәамахьтәылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәара дшацхраауа.

Аиҳабырабжьаратә комиссиа 13-тәи аилатәара анымҩаҧысуаз, ажьырныҳәа 6 рзы, усҟантәи асессиаҿы ҳара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҭбаара иазку амбициатә планқәа рынагӡаразы адекларациа ҳнапы аҵааҩит, уи ала иазҧхьагәаҭоуп ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәареи рырҭбаареи. Сколлега ҿыци сареи зыӡбахәы ҳәоу адекларациа анагӡаразы иҟаҵатәу апрактикатә шьаҿақәа ҳрылацәажәеит. Аҩ-тәылак рхьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иазхаҵоуп, уи аҵакы ду амоуп. Иара убас, ҳара ҳтәылқәа иаҳа активла аусеицура иалагарц азыҳәан иҟаҵатәу ҳалацәажәеит. Уи астратегиатә аҵакы ду амоуп, аха, уи адагьы, ҩ-ганктәи ҳусеицура аҭышәынтәалареи аилибакаареи ашьаҭала аҿиара иаҿуп. Ҵыҧх Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиуит, сара ари афакт сазыразуп. Ари ахҭыс аҵакы ду амоуп, избанзар, ари афакт ҳрегион азы анырра ду амазаауеит, уи адагьы, ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәагьы ирныҧшуеит. Шәамахьтәылатәи ареспублика еснагь Қырҭтәыла европатәи аинтеграциа иадгылан.

Иахьа сареи сколлегеит Шәамахьтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа рырҽеира иазку апроцессқәа ирызкны инарҭбаау аинформациа исҭеит, сгәаанагара иасҳәеит. Даҽазнык ишьақәсырҕәҕәар сҭахуп Шәамахьтәыла аҭынчреи аҭышәынәталареи ашьақәыргыларазы иаҭаху зегьы шыҟанаҵо, ари ахырхарҭала ҳара иҳахуҭоу аҭакҧхықәра агара ҳазыхиоуп. Егьи агангьы абри азҵаара абасҵәҟьа иазныҟәап ҳәа ҳгәыҕуеит. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳара Азербаиџьани Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа рырҽеиразы иҳалшо зегьы шыҟаҳҵо. Ҳара иреиҳаӡоу аҩаӡараҟны 3 принципк рхархәаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит, сара 1991 шықәсазы Алмата ирыдыркылаз адекларациа апринципқәа роуп сызлацәажәо, - аҩ-тәылак рхьыҧшымреи рстратегиатә акзаареи азхаҵареи, Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рыбжьара аделимитациа апроцесси, апатуеиқәҵара ашьаҭала ҩ-тәылак рыбжьара аизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵареи. Аҭынчреи ҳгәылара иҟоу атәыла иадаагало апроекти наҟ-наҟ Азербаиџьан аҟны астратегиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара амзызла аусеицура алагала иацхраауеит ҳәа ҳгәы иаанагоит.

Қырҭтәыла ҳаизыҟазаашьақәа рырҽеира иазҿлымҳауп, аха, уи адагьы, ҳареи Азербаиџьани ҳаизыҟазаашьақәа рҭыҧәқәҵаразы апрактикатә шьаҿақәа рыҟаҵара иазыхиоуп.
Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, акыр иаҧсоу Иракли, аҵыхәтәаны иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳаизыҟазаашьақәа ҳархашшааратәы ҳшыҟам, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа активла аҿиара иаҿуп. Агәра шәсыргар сҭахуп иҳалшо зегьы шыҟаҳҵо ҳаизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаареи рырҕәҕәареи азыҳәан. Ереван бзиала шәаабеит, абри авизити апродуктивтә аиҿцәажәареи рзы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит.

 

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе:

Аҧыза-министр иҭыҧ аанкылара анеҩс, хара имгакәа, аофициалтә визитла Шәамахьтәыла аҭаара сара сзы ҳаҭыр дууп. Гәыкала ҳадкыларазы ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа аиҩызара ҕәҕәа рыбжьоуп. Ҳара астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, уи абзоурала ҳусеицура иаҳа иҕәҕәахеит. Зыӡбахәы ҳәоу адекларациа, раҧхьа иаргыланы, ҩ-ганктәи аусеицура арҭбаареи, арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылара ацхраареи иазкуп. Ари аиқәшаҳаҭра иаҳзеиҧшу апринципқәа рышьаҭала еиқәыршәоуп, ҳара абарҭ апринципқәа ҳашрызгәыку аанарҧшуеит.

Иахьатәи ҳаиҧылараҿы ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, сколлега ҭабуп ҳәа иасҳәеит ҳтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы. Иара убас, ҳәарада, ҳтәыла ахьӡала даҽазнык изышьақәсырҕәҕәеит Шәамахьтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳшадгыло. Аҧыза-министр ииҳәаз сақәшаҳаҭуп, ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа активла аҿиареи аҕәҕәахареи иаҿуп. Еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла ҳтәылақәа русеицура ҳалацәажәеит, аполитикеи, ахәаахәҭреи, аекономикеи, атранспорти, атуризми уҳәа, убас егьырҭгьы аусхкқәа рҿы ҳусеицура ҳалацәажәеит. Ҳәарада, абарҭ аусхкқәа зегьы рҿы ҳусеицура иаҳа арҭбаареи арҕәҕәареи аҵакы ду амоуп.

Арегионаҿ имҩаҧысуа апроцессқәагьы инарҭбааны ҳрылацәажәеит, иаҵшьны иазгәаҭан ҳрегионаҿ иҟоу апроблемақәа рҭыҧқәҵараҿы азеиҧш ҽазышәара аҵакы. Қырҭтәыла Аахыҵ Кавказаҿ аҭышәынтәалареи ҭынч аицынхареи ҕәҕәала иадгылоит. Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рыбжьара аҭынчратә аиқәшаҳаҭра иазку апроцессаҿ адинамика бзиа нагӡахап ҳәа сгәыҕуеит, иара убас, агәыҕра ду сымоуп аҵыхәтәаны ари апроцесс аҭынчратә аиқәшаҳаҭра адкыларала ихыркәшахап ҳәа.

Қырҭтәыла ҳрегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәыршәара иазку апроцессқәа рҿы ахатә иҵоуроу ароль анагӡара иазыхиоуп.

Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, гәыкала ҳадкыларазы даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Даҽазнык Қырҭтәылаҟа ааҧхьара шәысҭар сҭахуп. Ҳаиҧылараан ари азҵаарагьы ҳалацәажәеит. Даҽазнык сшәыҳәоит Қырҭтәыла шәаҭааирц, избанзар, ҩ-ганктәи авизитқәа аҵакы ду рымоуп ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа рыҩаӡара ҳараки, иара убас, иахьазы ҳпартниорраҿы иҟоу адинамика дуи ахьчаразы.

Ҳара ҳтәылақәа рырҕәҕәароуп ҳасабтәс иҳамоу, ҳәарада, ари аганахьала ҳусеицура ароль ду нанагӡар алшоит.