2024-04-12
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аофициалтә визитла Германтәылатәи афедеративтә республикаҿ дыҟоуп.
Германтәыла афедералтә усмҩаҧгарҭаҿы Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган. Иракли Кобахиӡеи аиҳабыратә делегациеи идикылоит Германтәыла афедералтә канцлер Олаф Шольц.
Иракли Кобахиӡеи Олаф Шольци ишиашо реиҧылара ашьҭахь, аиҿцәажәарақәа нагӡахоит ирҭбаау аформатаҿ, уи рхы аладырхәоит аҩ-ҳәынҭқаррак реиҳабырақәа рылахәылацәа.
Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура