Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2024 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр Китаитәи жәлартә республика аделегациа алахәылацәа дырҧылеит Print Version

2024-04-15

  ..

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Китаитәи жәлартә республика аделегациа алахәылацәа дырҧылеит, аделегациа анапхгара азиуеит анапхгаратә партиа жәларбжьаратәи еизыҟазаашьақәа рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Чен Ҷоу.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Китаитәи жәлартә республикеи рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аполитикатәи аекономикатәи усеицура. Ишазгәаҭаз ала, ҵыҧх ҩ-тәылак ирыбжьарҵаз астратегиатә партниорра иазку аиқәшаҳаҭра ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаара иацхраауеит.

Хшыҩзышьҭра азун еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла, урҭ рыбжьара, ахәаахәҭра-економикатә усхкы аҿгьы апартниорра иаҳа арҭбааразы иҟоу аперспективақәа. Аҧыза-министр иҳәамҭала, ари ахырхарҭалагьы, иара убас, атуризм аусхкы аҿы аусеицуреи, абизнеси ажәларқәа рыбжьара аимадареи ахырхарҭалагьы аизыҟазаашьақәа рырҭбааразы аҵакы ду анашьоуп Қырҭтәыла атәылауаа рзы Китаи аҟны авизидатә режим ашьақәыргылара иазку аиқәшаҳаҭра, ари аиқәшаҳаҭра мышәқак раҧхьа амч аиуит.

Иракли Кобахиӡе Китаитәи жәлартә республика аделегациа алахәылацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы, иара даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла иаку Китаи апринцип ишадгыло.

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура