Қырҭтәылa aиҳaбырa – 2024 шықәсaзтәи aхҭысқәa

Аҧыза-министр аиҳабыра реилатәараҿы иҟаиҵаз аҳәамҭақәа Print Version

2024-04-22

  ..

Қырҭтәыла аҧыза-министр аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы 3 зҵаарак дырзааҭгылеит.

Аҧыза-министр астадион ҿыц аргылареи, Местиатәи аҳаирбаҕәазаҿ ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу атерминал ҿыц аргылареи, аҵара амилаҭтә документи далацәажәеит.

„Амегапроект ҿыцқәа ирызкны заанаҵы аинформациа шәысҭар сҭахуп, - аиҳабыра ҧасатәи реилатәараҿы ҳара Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза аргылара ҳалацәажәеит. Иахьа, аспорт иадҳәаланы акрызҵазкәа ажәабжь ҿыц шәаҳҳәар ҳҭахуп. Ҳара ҳспортменцәа рықәҿиарақәа ҳреигәырҕьоит. Даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп ҳара аспорт агәыҧтә ахкқәа зегьы рҿы акрызҵазкәа ақәҿиарақәа шҳамоу. Ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара инаркны 30 шықәса анҵы, ҳмилаҭтә аизга, аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны, зҵакы дуу ақәҿиара аиуит, - ашьапылампыласҩцәа, раҧхьаӡа акәны, Европа ачемпионат рхы аладырхәоит. Ҳрегбистцәа, раҧхьаӡа акәны, 6 милаҭк ргәыҧқәа раҵархара рылшеит. Амҵәышәампыласҩцәа, раҧхьаӡа акәны, адунеи ачемпионат рхы аладырхәоит, дара адунеи иреиҕьу 16 командақәа иреиуп; аӡымпыласҩцәа Европа ачемпионатаҿ ихәмаруеит, инеишьҭаргыланы ҩынтә иреиҕьу европатәи 8 гәыҧк рыгәҭа игылоуп; анапылампыласҩцәа, раҧхьаӡа акәны, Европа ачемпионат рхы аладырхәын, раҧхьатәи аҭоурыхтә аиааира ргеит. Хазхаҭалатәи аспортхкқәа рҿгьы апрогресс ду ҳамоуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы хынтә еиҳаны амедальқәа ҳауит, уи ҳполитика иаша иабзоуроуп.


Иахьатәи аоппозициа анапхгараҿы ианыҟаз, еицырдыруа 9 шықәса рыҩныҵҟа абри аҩыза ақәҿиарақәа иҟамызт, 90-тәи ашықәсқәагьы ирҿаҳарҧшыр, усҟангьы аспорт, аконкреттә мзызқәа рымшала, абри аҩыза ақәҿиара амамызт.

Усҟан иҟалаз аконкреттә хҭысқәа шәгәаласыршәар сҭахуп. Шәызынтәгьы ишәгәалашәоит Ашьапылампыл афедерациа ахада дшалырхыз, нас, убри аҽныҵәҟьа, инапынҵақәа рышьҭаҵара иазкны аҳәамҭа аҟаҵара шидарцалаз. Акгьы иацәыҧхашьакәа абас ашьапылампыл, аспорт рҽаларгалон. Иара убас, ишәгәаласыршәар сҭахуп „Қарҭтәи Динамо" иадҳәаланы иҟалаз ахҭысқәа. Ашьапылампыл атәы уамак ззымдыруаз бизнесменк Урыстәылантә дааганы, ҳмилаҭатә згәыдура, ҳҭоурыхтә клуб „Қарҭтәи Динамо" инапы ианырҵеит, иара ари аклуб аилаҳаранӡа инеигеит. Усҟантәи ашықәсқәа рзы ҳклуб евротурнирқәа рҿы изакәызаалак қәҿиарак амамызт. Иара убас, иахьа ҳахәаҧшыр, Қырҭтәыла ачемпионатаҿ „Қарҭтәи Динамо" жәа-хәмаррак рҿы 12 абалқәеи ахәбатәи аҭыҧи амоуп. Ҧасатәи анапхгара ҳгәы зыздуу аклуб абри аҩыза аҭагылазаашьа аҟынӡа инаргеит. „Қарҭтәи Динамо" анапхгара аҭоурыхтә Динамо абаза аҵакырадгьылаҿ акорпусқәа дыргылар рҭахын. Абри аҩыза азнеишьа рыман, ари афактгьы ҧасатәи анапхгара рполитика зеиҧшраз аанарҧшуеит. Ҳәарада, ҳара уи еиҧш алшара раҳҭом, аха, абри зегьы дара ирымоу азнеишьа аанарҧшуеит. Арҭ ауаа „Қарҭтәи Динамо" ахьӡала аполиткиатә аҳәамҭақәа ҟарҵоит. Мышқәак раҧхьа „Қарҭтәи Динамо" ахьӡала аполитикатә аҳәамҭа ҟарҵан, аартызаара иазку азакәан иаҿагылеит. „Қарҭтәи Динамо" аҧшәма ашьапылампыл шидыруа еиҧшҵәҟьа аполитикагьы убасҵәҟьа идыруазар ҟалап. Абри зегьы ҧасатәи анапхгара имҩаҧыргоз аполитика аарҧшроуп, ари аполитика аспортаҿ ақәҿиарадара ахылҵит. Ҳара иакымкәа ашықәсқәа ҳҭаххеит аспорт иаиуз азарал ҳариашарц азыҳәан, иахьа аспортхкқәа зегьы рҿы иҟоу ауникалтә ақәҿиарақәа рҟынӡа ҳнеирц азыҳәан.

Иара убас, аконкреттә ашьапылампыласҩцәа рҳәамҭақәа шәгәаласыршәар сҭахуп, ашьапылампыласҩцәа руаӡәы хаҭала сара исеиҳәеит аполитикатә мзызқәа рымшала атәым азыҟаҵаҩцәа руаӡәы амилаҭтә аизгашҟа дшимыҧхьаз. Усҟан ашьапылампылтә аизга иазыҟаиҵон атәымуаҩ, иара аконкреттә ашьапылампыласҩы димыҧхьарц идарцалон, топлигаҿ ихәмаруа ашьапылампыласҩы Қырҭтәыла амилаҭтә аизгашҟа димыҧхьарц идарцалеит. Абри зегьы аполитикатә мзызқәа рымшала иҟалеит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Иракли Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, ҧасатәи анапхгара рхаан иакымкәа абиҧарақәа изааӡаз „Динамоаа қәыҧшцәа" руникалтә абаза рҭиит.


„Аконкреттә ашьапылампыласҩы иҳәамҭала, лассы-лассы аизга ахәмарҩцәа, ахәмаррақәа рзы, рхатә харџьқәа рыла Қарҭҟа аҧырра рықәшәон. Зны-зынла абарҭ ахарџьқәа пост фактум ршәара иақәдыргәыҕуан, аха, ианырымшәозгьы иҟан, амилаҭтә аизга алахәылацәа, ахәмаррақәа рахь рхатә харџьла иаауан. Абри аҩыза афактқәа иҟан. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы аспортсмен ақәҿиара злаиоуеи. Абри зегьы иаҧыхуп, даҽазнык еиҭасҳәар сҭахуп иахьа ҳара аполитика иаша шымҩаҧааго, ҳәарада, уи алҵшәа бзиа ахылҵуеит. Иара убас, ишәгәаласыршәар сҭахуп дара баҭымтәи астадион шықәырхыз. Абри аҩыза аспорттә, ашьапылампылтә традициақәа змоу ақалақь акыршықәса рыҩныҵҟа астадионда иаанрыжьит, ҳара ҳхаан иаҧшьагаз, насгьы, инагӡаз зҵакы дуу апроектқәа ракәымзҭгьы, Баҭым иахьагьы астадионда иҟазаауан. Дара аспорт абас иазныҟәон. Ҳәарада, ари азнеишьа шьаҭанкыла аҽаҧсахит. Угәы ҧызжәо даҽа хҭыск сазааҭгылар сҭахуп, - усҟан дара Дидубе иҟаз „Динамоаа қәыҧшцәа" ауникалтә база рҭиит, уи абаза мацара акәӡамызт. Уи ахатә уникалтә ҭоурых змам ауникалтә комплексын, уаҟа динамоаа рабиҧарақәа зегьы ирызҳаит, ари аҵакырадгьыл, ус, баша, ирҭиит. Насгьы, атәым инвесторк дыржьеит, аргыларазы ирҭиит, аха, ҵаҟа аметро шиасуаз иарымҳәеит. Дара, ганкахьала, ауникалтә база дырбгеит, егьи аганахьала, атәым инвестор аргылара ахьыҟамлоз аҵакырадгьыл ирҭеит. Абри аҩыза азнеишьа рыман. Абри аҩыза ак ҟауҵарцаз утәыла, уқалақь уҳәа, акымзаракгьы бзиа иумбозароуп. 1949 шықәсазы иргылаз „Динамоаа қәыҧшцәа" ауникалтә база абас аҭира ишҧаҟалоз, еиҭасҳәар сҭахуп, абиҧарақәа рацәа ахьрызҳаз абаза. Ҳәарада, ҳара ари азҵаара зынӡаскгьы ҽакала ҳазныҟәоит, ҳара аспорт ҳаиҷаҳауеит, аспорт, ашьапылампыл аиҷаҳара наҳагӡоит", - иҳәеит аҧыза-министр.


Иара убас, аҧыза-министр 70 нызқьҩык ахәаҧшцәа рзы иазҧхьагәаҭоу астадион ҿыц аргыларагьы далацәажәеит.

„Зҵакы дуу амегапроектқәа ирызкны заанаҵы аинформациа шәаҳҭар ҳҭахуп, лымкаала, ашьапылампыли арегби ирызку апроектқәа. Қарҭ 70 нызқьҩык ахәаҧшцәа рзы иазҧхьагәаҭоу, ашьапылампыли арегби ирызку астадион ҿыц ҳаргылар ҳҭахуп.


Астадион иреиҳаӡоу ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәаланы иҳаргылоит, уи абзоурала, Қарҭ зыҩаӡара ҳараку аматчқәа рымҩаҧгара ҳалшоит, ачемпионцәа рлигагьы уахь иналаҵаны. Ари астадион британиатәи астильла иҳаргылоит. Ишыжәдыруа еиҧш, британиатәи астильла иргылоу астадионқәа аҩратә мҩахәасҭақәа рымам. Убри аҟынтә азгәыбылҩцәеи аспортсменцәеи рыбжьара аимадара иаҳа иҕәҕәоуп. Уигьы ақәҿиара аиура иацхраауеит. Астадион ҿыц иреиҳаӡоу астандартқәа ирышьашәалазаауеит. Уи аҳаирбаҕәаза ҿыц аҵакырадгьылаҿ иҳаргылар ҳҭахуп, убасҟан ари аҵакырадгьыл ишеибгоу, акомплекс аҳасабала арҿиара ҟалоит. Иара убас, аргама иаасыцҳар сҭахуп ҳара астадион ҿыц аҿы 2028 шықәсазы ачемпионцәа рлига афинал амҩаҧгаразы азыҳәамҭа шыҟаҳҵо. Уи ақырҭуа ашьапылампыли ақырҭуа азгәыбылҩцәеи рзы зҵакы дуу аҳамҭахоит. Қарҭ ауникалтә стадион аиуеит, уи 70 нызқьҩык ахәаҧшцәа рзы иазҧхьагәаҭоуп, ари апроект ишахәҭоу еиҧш инаҳагӡоит. Уи активла аус адааулоит. Ари апроект нанагӡоит акультуреи аспорти рзы аминистрра. Афинансқәа рминистррахь аҳәара ҟасҵоит апроект анагӡара еиқәдыршәарц. Хара имгакәа ҳқалақьаҿ иҟазароуп ауникалтә стадион ҿыц", - иҳәеи Иракли Кобихиӡе.


Аиҳабыра реилатәараҿы аҧыза-министр Местиатәи аҳаирбаҕәазаҿы ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу атерминал ҿыц аргылара азҵаарагьы далацәажәеит, иара ишиҳәаз ала, ари апроект Шәантәыла атуристцәа рхыҧхьаӡа аизырҳара иацхраауеит.
„Аҩбатәи азҵаара Местиатәи аҳаирбаҕәазоуп. Аиҳабыра ҧасатәи реилатәараҿы ҳара Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза ҳалацәажәеит. Ҳара ҳзы аҩныҵҟатәи аҳаирбаҕәазақәагьы, арегионалтә анеиааирагьы аҵакы ду рымоуп. Атәылаҿ атуристцәа рхыҧхьаӡара азҳара иаҿуп, адинамика бзиа ҳамоуп. Сынтәа актәи акварталгьы даараӡа ибзиан, - сынтәатәи актәи аквартал ҵыҧхтәи актәи аквартал иаҿаҳарҧшыр, аҭааҩцәа рхыҧхьаӡара аизырҳара аганахьала 11%-тәи азҳара ҳамоу, 1 300 000-ҩык иреиҳаны аҭааҩцәа ҳадаҳкылеит, урҭ рҟынтә 1 миллионҩык атуристцәан. Убри аҟынтә, Қырҭтәыла иаҭаауа атуристцәа аҭагылазаашьа бзиақәа рзеиқәыршәаразы, излауа ала аинфраструктура еиҿкаатәуп. Иара убас, аҩныҵҟатәи амобилра ацхрааразы, аҩныҵҟатәи аҳаирбаҕәазақәагьы ишахәҭоу еиҧш еиҿказаароуп, регионк аҟынтә даҽа регионкахь, мамзаргьы ақалақьқәа рыбжьара анеиааиразы. Убри азыҳәан, Местиатәи аҳаирбаҕәазаҿ атерминал ҿыц ҳаргылоит. Аконкреттә еилахәыра алхуп - „Грин студио", уи ахатә проект цәырнагахьеит, ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу атерминал ҿыц дыргылоит. Ишыжәдыруа еиҧш, Шәантәыла, Местиа зегьы реиҳа атуристцәа адзыҧхьало арегионқәа иреиуп. Убри аҟынтә, атерминал ҿыц Шәантәыла, Местиа атуристцәа рхыҧхьаӡара аизырҳара иацхраауеит, уи инеизакны арегион зегьы аҿиареи аҭыҧантәи ауааҧсыра рыҧсҭазаашьа аиҕьтәреи иацхраауеит. Атерминалаҿ иазҧхьагәаҭазаауеит акрыфаратә обиектқәеи, ахәаахәҭратә қәыҧшыларақәеи, иашьашәалоу асервисқәеи. Ҳәарада, ҳтуристтә потенциал иаҳа арҿиара амзызла, иаҳа активла аусура наҳагӡоит, Аекономика аминистрра ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа раҳҳәоит, дара ари апроект ибзианы аус адырулеит, аминистрра Местиатәи аҳаирбаҕәазаҿ атерминал ҿыц аргылара активла иалахәызаауеит," - иҳәеит аҧыза-министр.


Аиҳабыра рнапхгаҩы аҵара амилаҭтә хықәкқәа ирызку адокументгьы далацәажәеит. Иракли Кобихиӡе ишиҳәаз ала, адокумент еиқәыршәоуп апатриотизми амилаҭтә цәаныррақәеи рышьаҭала.


„Ахҧатәи азҵаара аҵара амилаҭтә хықәкқәа ирызку документуп. Ҳара аиҳабыра реилатәарак аҿы ари азҵаара ҳалацәажәахьеит, усҟан апроект ихиаалан. Ари апроект ҳахәаҧшит, ажәлар рылахәызаарала аргама ҳалацәажәеит. Ари апроцесс иалахәын апарламенти, иашьашәалоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, иара убас, ари аусхкы аекспертцәеи, ашколтә уаажәларра ахаҭарнакцәеи, арҵаҩцәеи, аҵаҩцәеи, аҭаацәеи, ашколқәа рдиректорцәеи, хазхаҭалатәи ашколқәа рдиректорцәагьы, астудентцәеи. Аргама имҩаҧгаз ахцәажәара ашьаҭала ари адокумент аҵыхәтәантәи асахьа аиуит. Уи еиқәыршәоуп абарҭ апринципқәа рышьаҭала - апатриотизми амилаҭтә цәаныррақәеи. Уи аҳәынҭқарратә хәыцшьоуп, аҭаацәаратә институт пату ақәҵароуп, аҳәынҭқарратә бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи, аетникатә ахкырацәареи, ахақәиҭреи, адемократиатә уаажәларреи, аҭынчреи, азинтә асоциалтә ҳәынҭқарра аргылареи, иҭышәынтәалоу аҿиареи ажәлар рмышхәыбзазареи, алахәызаареи, аибачҳареи аиашареи, атәылауаҩратә ахдырра ҳараки, азеиҧш ауаатәыҩсаратәи аморалтәи аетикатәи принципқәеи; азинқәеи, аҧхықәрақәеи, асоциалтә ҭакҧхықәреи, аҧсабарахьчаратә адырреи, изҩыдоу аҧсҭазаашьеи афизикатәи, аестетикатәи, асоцио-цәанырратәи аҿиареи, аналитикатәи акритикатәи ахәыцшьеи, академиатә дырреи ашәҟәаҧхьареи, аимадара акультура дуи, аҧхьаӡацтә тәылауаҩреи, абаҩхатәреи, аҿыцрақәа рыдкылареи. Зыӡбахәы ҳәоу адокумент абзоурала аҵаратә программақәеи, аҵаратә ресурсқәеи, ашколтә лагылазаареи еиҕьхоит, уи ашколқәа ишьақәдыргылаз ахықәкқәа рынагӡара иацхраауеит.

Еиҭасҳәар сҭахуп ҧасатәи адокумент ишеиқәыршәаз 2004 шықәсазы. 20 шықәса рыҩныҵҟа ари адокумент ирҿыцымызт, убри аҟынтә, адокумент хымҧада еиҭахәаҧштәын. Аҵара аминистрра ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа расҳәоит ари адокумент апроект ахиаалареи, аргама алацәажәареи азыҳәан, абри зегьы абзоурала зхаҭабзиара ҳараку адокумент еиқәыршәоуп.


Аҵара аганахьала апроблемақәа шҳамоу иаабоит, аглобалтә тенденциақәагьы ҽеим, ишәарҭоу атенденциақәоуп, ҳтәылаҿы арҭ атенденциақәа аларҵәара роур ҳҭахым. Убри аҟынтә, ҳара ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа шьаҭас иҳамаз апринципқәа рыла аҵаҩы иааӡара амзызла, ҳтәылаҿы азеиҧш аҵара иахәҭоу апринципқәа рышьаҭала еиқәыршәазароуп, уи аҵакы ду амоуп. Убасҟан ауп ҳҿар рҵара ахаҭабзиара иаҳа ианеиҕьхо, ҳмилаҭтә принципқәа иаҳа ианеилыркаауа. Уи ҳаҳасабтәқәа иреиуп, ари аус нанагӡоит Аҵареи аҵарадырреи рзы аминистрра", - иҳәеит Иракли Кобахиӡе.


Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура