Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa Аҧызa-министр 2024 шықәсaзтәи ивизитқәеи иеиҧыларақәеи

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи абанк (EBRD) ахада дылҧылеит

2024-01-17

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи абанк ахада Одилт Рено-Бассо дылҧылеит.

Давостәи Адунеизегьтәи аекономикатә форум аҳәааәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҧылараҿы Қырҭтәылеи EBRD-и рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура ахадаратә хырхарҭақәеи, иара убас, Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи абанк ацхыраарала аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи асекторқәа рҿы имҩаҧысуа апроектқәеи ирылацәажәеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатиә абанк ахада адгыларазы ҭабуп ҳәа лаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, астратегиатә хырхарҭақәа аҧара рзоужьҭра аганахьала EBRD иҟанаҵаз ацхыраара зҵакы дуу ареформақәа рымҩаҧгара иацхрааит.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара иазку аҭоурыхтә аӡбара. Аҧыза-министр евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла иамоу ақәҿиарақәеи наҟ-наҟтәи апланқәеи дрылацәажәеит.

Иракли Ҕарибашвили EBRD ахада Қырҭтәыла аекономикаҿ иҟоу иҵоуроу атенденциақәа ирызкны илзеиҭеиҳәан, ишазгәеиҭаз ала, арегионаҿгьы адунеиаҿгьы аҭагылазаашьа шыцәгьоугьы, Қырҭтәыла аекономикатә азҳара ҭышәынтәалоуп, Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго аполитика иаша абзоурала, аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩныҵҟа атәылаҿ ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара иҟоуп.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, аиҳабыра рекономикатә гәыҧ активла аус здыруло аинфраструктуратә апроект дуқәа ирылацәажәеит.

Аиҧылараҿы Иракли Ҕарибашвилии Одиль Рено-Бассои аусеицура ахырхарҭа ҿыцқәеи ҳаҧхьаҟа аусеицура аперспективақәеи ирыхәаҧшит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Абанк Қырҭтәылаҿ адиверсификациатә портфель амоуп, атәылаҿ имҩаҧысуа 289 проектқәа 5 миллиард евро рзоурыжьҭит. Иракли Ҕарибашвили Одиль Рено-Бассо қәҿиарала аусеицуразы ҭабуп ҳәа леиҳәеит.

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура