Қырҭтәылa aиҳaбырa – Қырҭтәылa aиҳaбырa 2024 шықәсaзтәи реилaтәaрaқәa

2024 шықәсa мшаԥы 8 рзы имҩaҧгaз aиҳaбырa реилaтәaрa

2024-04-08

 

Қарҭ жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза ҿыц ҳаргылоит, амегапроект амҩаҧгаразы зҵакы дуу аӡбара ҳадаҳкылеит, - аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе амегапроект ҿыц далацәажәеит аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.


Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аҳаирбаҕәаза ҿыц Вазиани идыргылоит.

„Иахьатәи аҳаирбаҕәаза 4,5 миллионҩык раҟара апассаџьырцәа рыдкылара алшоит. Ҳара атуризм аусхкы аҿы адинамика бзиа ҳамоуп. Ҳаҧхьаҟа аҭааҩцәа рхыҧхьаӡара ирласӡаны азҳара иалагоит, аинфраструктура уи иашьашәалазароуп. Ҳара 2 вариантк ҳрыхәаҧшит. Руакы уажәтәи аҳаирбаҕәаза арҭбаара иазкын, егьы авариантла иазҧхьагәаҭан Вазиани аҳаирбаҕәаза ҿыц аргылара. Аҳаирбаҕәаза арҭбаара иалаҵатәын 900 миллион адоллар, аҳаирбаҕәаза ҿыц аргылара - 1 миллиард 260 миллион адоллар. Аҳаирбаҕәаза арҭбаара ала апассаџьырцәа рхыҧхьаӡара 15 миллионҩык рыла азҳауан, аха, убри анеҩс, аҿиара аперспетктива ҟаломызт. Аҳаирбаҕәаза ҿыц аргылара абзоурала, 19 миллионҩык апассаџьырцәа рыдкылара ҳалшоит, ҳаҧхьаҟа аҿиара аперспективала", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, аҳаирбаҕәаза ҿыц иҿыцӡоу ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалазаауеит.

„Иакымкәа афакторқәа иазҧхьагаҭаны, аҳаирбаҕәаза ҿыц аргыларазы аӡбара ҳадаҳкылеит. Ҳаҧхьаҟа апроект аиқәыршәареи атендер апроцедурақәеи хыркәшахоит, анеҩс, шықәсқәак рышьҭахь, Қарҭ аиуеит иҿыцӡоу аҳаирбаҕәаза. Ари аӡбара аҵакы ду амоуп, ҳгәы ишаанаго ала, уи аекономикатә хырҳагара ду ахылҵуеит, - аекономикатә азҳара даҽа 0,2 наӡынак ацлоит, убри абзоурала, анеҩстәи ашықәсқәа рзы, Қырҭтәыла аекономика есышықәса иацлоит 350 миллион лари, уи ҳекономикатә аҿиаразы аҵакы ду амоуп. Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра ахаҭарнакцәа ари апроект армазеиразы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Уажәы, қәҿиарала ҧхьаҟацароуп ихадоу, ҳқалақьи ҳтәылеи ҳаамҭазтәи аҳаирбаҕәаза ҿыц ала еиқәҳаршәароуп", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Аекономика аминистрра ахаҭарнакцәа адҵа риҭеит Германтәыла имҩаҧысуа ашьапылампылтә матчқәа рзы ишиашо авиареисқәа рацҵареи абилеҭқәа рзы ахә лаҟәы ашьақәыргылареи еиқәдыршәарц. Иацҵаны ареисқәа мҩаҧгахоит Диуссельдорфи Гамбурги рхырхарҭала. Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, ари азҵаара аҵакы ду амоуп азгәыбылҩцәа рзгьы, иара убас, ақырҭуа аизга ақәҿиаразгьы.

„Рашәара 18 инаркны Қырҭтәыла ашьапылампылтә аизга Европа ачемпионатаҿ аматчқәа мҩаҧнагоит, авиабилеҭқәа рзы аҭахра дууп, авиаеилахәырақәа уи рхы иадырхәахьеит. Аекономика азакәан - аҭахра инақәыршәаны аиқәыршәара. Убри аҟынтә, авиабилетқәа рыхәқәа акырӡа ирыцлеит. Аекономика аминистрра ахаҭарнакцәа срыҳәар сҭахуп Диуссельдорфи Гамбурги рхырхарҭала иацҵаны ишиашо авиареисқәа реиқәыршәаразы аусура иалагарц, насгьы, ҳтәылауаа ишьақәыргылоу атрифла, ахә мариала абилетқәа рыдаагалароуп. Абри зегьы аҵакы ду амоуп азгәыбылҩцәа рзгьы ҳаизга ақәҿиаразгьы. Ашьапылампылтә матчқәа рҿы шаҟа ирацәаны ақырҭуа азгәыбылҩцәа ҟало аҟара, ҳмилаҭтә аизга ирзеиҕьхоит. Ашьапылампылтә матчқәа рҿы излауа ала ирацәаны ақырҭуа азгәыбылҩцәа иҟазароуп, ҳара ҳзы уи аҵакы ду амоуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳаизга агәыҧ алҵра шалшо, ҳара иҳалшо ала уи ҳацхраауеит. Убри аҟынтә, ҳтәылауаа, уадаҩрада, ахә мариала Германтәылаҟа ацара рылшаратәы аҭагылазаашьақәа рзеиқәҳаршәароуп," - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Аекономикатә хеилак аҿы ирыдыркылаз даҽа аӡбаракгьы далацажәеит, уи зырҿыцра ҟало афымцатә ресурсқәа излауа ала рхархәара иадҳәалоуп.

Аҧыза-министр иҳәамҭала, абри аҩыза азнеишьа аенергетикатә сектор хырҳагара азаанагоит, имҩаҧгоу апроектқәа рконкуренциалшара аизырҳара иацхраауеит.

„Ҵыҧх аиҳабыра ирыдыркылаз аӡбара инақәыршәаны, 800 мегаватт амҽхак зауа аенергетикатә проектқәа нагӡахоит. Иахьазы акатегориа цыҧхьаӡаҿы аконкреттә амедиантә ахә шьақәыргылоуп, уи инақәыршәаны аенергетикатә проектқәа нарыгӡоит. Уи абзоурала, аихабыра, зырҿыцра ҟало аенергиа аарҧшреи афымцамҽхак аиура амзызла аенергетикатә сектор иаҳа ирацәаны апроектқәа рынагӡара адгалареи рылшоит. Абри аҩыза азнеишьа аенергетикатә сектор хырҳагара азаанагоит, имҩаҧгоу апроектқәа рконкуренциалшара аизырҳара иацхраауеит. Аекономика аминистрра абри ахықәкы анагӡаразы анормативтә база аҧҵара иалагахьеит. Аекономика аминистрра ахаҭарнакцәа ари азҵаара аус адуларазы ҭабуп ҳәа расҳәоит", - иҳәеит аҧыза-министр.

Иара убас, Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, афизикатә хаҿқәа зегьы, хазхаҭалатәи анаплакҩцәагьы уахь инрылаҵаны, 2021 шықәса ажьырныҳәа 1-нӡа ирымаз, аха ирзымшәаз ауал рықәырхуеит.
Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, азакәанпроект анрыдыркылалак, 145 нызқьҩык афизикатә хаҿқәа зынӡа 590 миллион лари ашәахтә уал рықәырхуеит.

„Аекономикатә хеилак аилатәараҿы афизикатә хаҿқәа рзы ашәахтә амнистиа иазку зҵакы дуу аӡбара ҳадаҳкылеит. Араҟа афизикатә хаҿқәа ауалқәа рықәхроуп ҳазлацәажәо. Афинансқәа рминистрреи аминистри ари азҵаара аҭыҧқәҵаразы ҭабуп ҳәа расҳәоит. Қырҭтәыла ашәахтә уалқәа змоу афизикатә хаҿқәа рацәоуп, убри амшала дара аекономикатә усурақәа рзымҩаҧыргом. Убри аҟынтә, ауалқәа рықәхразы аӡбара ҳадаҳкылеит, лымкаала, афизикатә хаҿқәа зегьы, хазхаҭалатәи анаплакҩцәагьы уахь инрылаҵаны, 2021 шықәса ажьырныҳәа 1-нӡа ирымаз, аха ирзымшәаз ауал рықәырхуеит. Азакәанпроект анҳадаҳкылалак, 145 нызқьҩык афизикатә хаҿқәа зынӡа 590 миллион лари ашәахтә уал рықәырхуеит. Жәакала иаҳҳәозар, 145 нызқьҩык ҳтәылауаа активла аекономикатә усура рхы аладырхәыр рылшоит, уи аекономика аҿиарагьы иацхраауеит", - иҳәеит Иракли Кобахиӡе.

Иара убас, аиҳабыра реилатәараҿы аҧыза-министр „Атәым анырра аартызаара иазку" азакәанпроект аиҭацәыргара далацәажәан, ишиҳәаз ала, азакәанпроект ибзианы еиқәыршәоуп, уи хықәкык ауп иамоуп - иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи иашьашәалоу амедиахархәагақәеи рыла шықәсыкахь знык афинансқәа ирызку аинформациа ацәыргара.

„Адемократиатә уаажәларраҿы, адемократиатә уаажәларратә аиҿкаашьаҿы аартызаара альтернатива амам. Адебатқәа ҳрыцклаҧшуеит, аартызаара зыцәгьоу аӡәгьы изымҳәеит. Иацы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарак ахаҭарнак иҳәеит аҵакы ҳаламцәажәароуп, аҵакы атәыла анапхгара ирусуп ҳәа. Нас, ҳоппонентцәа аҵакыдара аума ирусу. Ҳәарада, уи еиҕьу азхаҵара зыҟалом. Аиашаз, азакәанпроект аҵакы ииашоуп, азакәанпроект ахы инаркны аҵыхәанӡа ииашаны еиқәыршәоуп. Акоуп ари азакәанпроектла иазҧхьагәаҭоу - иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи иашьашәалоу амедиахархәагақәеи шықәсыкахь знык рфинансқәа ирызку аинформациа цәырыргароуп. Дара аартызаара урыстәылатәиуп, аркызаара европатәиуп ҳәа агәра ҳдыргар рҭахуп. Ҵыҧх ауааҧсыра ржьара рылшеит, апринципқәа зегьы иаархәны иқәдыргылеит. Агәра ганы сыҟоуп уаҳа уи шрылымшо," - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхагаҩы асоциалтә медиаҿы, лымкаала Facebook аҿы ацензура дазааҭгылан, ишиҳәаз ала, ацензура мҩаҧыргоит аоппоненттә политикатә партиақәа ирыдҳәалоу иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа - factcheck-и „Амифқәа рдетектори".

„Рыхьӡқәа шәҭахызар, урҭ - Серги Капанаӡеи Ҭамар Кинҵурашвилии роуп. Арҭ ауаа шәызынтәгьы ижәдыруеит. Ианаамҭаз, арҭ ауаа анапхгараҿы ианыҟаз, дара рхаҭа амедиахархәагақәа рҿы ацензура мҩаҧыргон. Иахьа рылшарақәа усҟак идуум, аха, иахьрылшо уаҟа ацензура мҩаҧыргоит. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ишеилкаахаз ала, уи асоциалтә медиа ауп, насгьы, ишеилкаахаз ала, ари ацензура ҳоппонентцәа рыгәҭа иҵоуроу аилыхара ахылҵит. Абри зегьы дара рызнеишьа аанарҧшуеит, жәакала иуҳәозар, Европа дара рзы аартымзаареи ацензуреи ауп - абас аадырҧшыр рҭахуп, егьырҭ аҳәамҭақәагьы шыҟаҵоу жәдыруеит. Ҳара аартымзаарагьы ацензурагьы ҳзақәшаҳаҭхом. Ҳгәы ишаанаго ала, адемократиаҿы аартызаареи ажәа ахақәиҭреи роуп ахадаратә ҵакы змоу. Убри аҟынтә, аҩ-принципк - аартызаарагьы ажәа ахақәиҭрагьы ҕәҕәала иҳахьчоит,"- иҳәеит аҧыза-министр.

Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, NGO-қәа русура аартым, ажәлар ирыздырӡом арҭ аиҿкаарақәа аҧара рызҭо, изрырҭо.

„Аинформациа ҧаршеи аларҵәара иаҿуп аиҳабыреи аиҳабыратә структурақәеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рфинансыркра иазку аинформациа рзаартушәа, уи мцуп. Ҳара иҳәынҭқарратәым быжь-аиҿкаарак ирызку аинформациа шьҭаҳхит. Урҭ аресурсқәа рганахьала зегьы реиҳа иҕәҕәоу, насгьы, аекстремизмла иалкаау иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа роуп. Ишеилкаахаз ала, 2012 шықәса инаркны дара инырхуа афинансқәа рҟынтәи 18% мацароуп адекларациаҿы иарбоу. Лымкаала, зынӡа 85 400 000 лари аадырҧшит. Ари аинформациа инақәыршәаны, арҭ аиҿкаарақәа, аминимум абри аҟара ахарџь рыман. Аха, ҳара абри аҧара азкызаареи аконкреттә хыҵхырҭақәеи ирызкны аинформациа ҳамам. Инарҭбаау аинформациа ҳамоуп абри аҧара аҟынтә 18% мацараз, ҽакала иаҳҳәозар, 15 400 000 лари ирызкны. Жәакала иуҳәозар, 85 миллион аҟынтә 70 миллион инырхит аинформациа цәырымгакәа, маӡала. Аиҳабыра ари афакт иадҳәаланы изакәызаалак информациак рымам, насгьы, ари аинформациа ашәахтә ганахьалагьы имаӡоуп, жәакала иуҳәозар, сара иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәагьы срызхылаҧшуам. Убри аҟынтә, ауааҧсыра абри зегьы иадҳәаланы зынӡаскгьы изакәызаалак аинформациак рымам. Аусбарҭақәа аинформациа рымоуп 18% ирыдҳәаланы", - иҳәеит аҧыза-министр.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, арҭ аиҿкаарақәа рхарџьқәа реиҳара Афинансқәа рминистрраҿы иарбам.

„Иаҳҳәап, араҟа иарбам аусуратә ныҟәарақәа ирыдҳәалоу ахарџьқәа, аофисқәа ркьыра, аелектронтә ацҵатә ада имҩаҧгоу аахәарақәа, абри зегьы ахарџь дуқәа ирыдҳәалоуп. Убри аҟынтә, 82% акәымкәа, дара инырхыз аҧара аҟынтә 90% еиҳаны иарбам, ҳуааҧсыра ари аҧара иазкны изакәызаалак информациак рымам. Аиҳабыра зынӡаскгьы акгьы рыздырӡом арҭ аиҿкаарақәа ироуа аҧара зызку. Афинанстә ганахьала даараӡа иҕәҕәоу аиҿкаарак иҟоуп, уи ахатә харџьқәа рҟынтә 0,4% мацароуп иаанарҧшыз. Аекстремизмла ҷыдала иалкаау аиҿкаарак иҟоуп, дара зынӡаскгьы аадмырҧшит аҧара ахьынтәроуз, изроуз. Абасоуп аҭагылазаашьа шыҟоу. Ишубарҭоу ала, NGO-қәа русура аартым, ауааҧсыра аинформациа рымам арҭ аиҿкаара аҧара рызҭо, изрырҭо иазкны. Аинформациа ҧаршеи аларҵәара иаҿуп рфинансқәа ирызку аинформациа аартушәа, аха, фактла иуҳәозар, аартызаара еиқәыршәам. Ауааҧсыра абарҭ азҵаарақәа ирызкны инарҭбаау аинформациа рымазароуп, ауаа ирдыруазароуп иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи иашьашәалоу амедиахархәагақәеи аҧара рызҭо изрырҭо, убри аҟынтә, еиҭацәыргоу азакәанпроект адкылара аҵакы ду амоуп", - иҳәеит аҧыза-министр.

 

Аиҳaбырa рaдминистрaциa aпрессмaҵзура